Аԥсны

Аԥсны АҶА аиҳабы: иҟаҳҵо ацхыраара Донбасс аибашьцәа ргәы шьҭнахауеит

Цәыббрамза 15 рзы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа 17 тонна агуманитартә еидара рыманы ицеит Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа аԥснытәи арԥарцәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥсны иҟанаҵо ацхыраара Донбасс аоперациа ҷыда иалахәны еибашьуа ҳаԥсуа ҷкәынцәа ргәы шьҭнахауеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа.
"Хымԥада, ҳаҷкәынцәа даара иҳаигәырӷьеит, ҳнеира иазыԥшын. Ҳәара аҭахума, агуманитартә цхыраара гәахәарыла ирыдыркылеит. Аха дара рзы уи акәӡам ихадоу. Ихадоу - хылаԥшрада иахьаанҳмыжьуа рбоит, ҳнеира иаҳагьы ргәы шьҭнахуеит", - иҳәеит Лев Кәыҵниа.
Цәыббрамза 15 рзы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа 17 тонна агуманитартә еидара рыманы ицеит Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа аԥснытәи арԥарцәа рзы.
Инаргаз аидара иалоуп аԥаҭдыкақәа ирҭоу аӡрыжәтә, афатә-ажәтә, ахаа-мыхаақәа. Быжь-тонаак урҭ рахьтә еизыргеит Очамчыра араион ахадареи анхацәеи.
Иара уи адагьы атәыла анапхгара рнапынҵала ахәра зауз аибашьцәа ирзынашьҭын ахада ифонд аҟынтә 100-100 нызқь мааҭ. Иара убас Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит атәыла аиҳабыра аԥхьаҟагьы еибашьуа ҳарԥарцәа ацхыраара шырзыҟарҵало.
Аԥсны
Донбасс иҟоу аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа 17 тонна агуманитартә цхыраара рзынашьҭуп