Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Габелаиа Очамчыра араион аҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа ирызкны

Очамчыра араион аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Башкортосҭантәи ареспублика Мелеузовтәи араиони Очамчыра араиони ирыбжьарҵаз аимадарақәа ртәы, насгьы сынтәа араион аҿы атуристтә сезон амҩасшьа.
Sputnik
Аԥснытәи аделегациа Башкортосҭан русутә ныҟәарақәа раан аиашьара рыбжьаҵан Очамчыра ариони Мелеузовтәи араиони. Анаҩс арҭ араионқәа рыбжьара иазгәаҭоу аусурақәа ртәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Габелаиа. Иара убасгьы дазааҭгылеит, араион азы иаахәаз атехника ҿыц, уи иалнаршо атәы.
Очамчыра араион аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа дазааҭгылеит сынтәатәи атуристә сезон амҩасшьа. Иҳәеит, аԥсуа инвестор ибзоураны 16 еихагыла змоу аҩны аиҭашьықәыргылара ишаҿу. Ҳаԥхьаҟа иара туристтә аобектны иҟалоит. Араион азы ари апроект даара кырӡа аҵанакуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габелаиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.