Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа ауаа ргәырҽанырҵеит

Иахьа Шәача ашоура бааԥс ҟалоит ҳәа ауаа адырра рыларҵәан. Аҳауа бааԥс амш аахәлаанӡа иҟазаауеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Цәыббра 21 рҟынӡа Шәача акырцх, ақәаршыҩ, аԥшатлакә, аԥшаргьагьақәа ҟалоит ҳәа ауаа ргәырҽанырҵеит, абри азы адырра ҟанаҵоит АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәынҭқарратә усбарҭа.

"2022 шықәса цәыббра 19 шьыжьы инаркны ихәлаанӡа, иара убас цәыббра 20, 21 рзы Шәача иахьаҵанакуа еиуеиԥшым аԥсабаратә цәырҵрақәа ҟалоит: ҭыԥқәак рҿы ақәыршыҩқәа, адыд-мацәыс, акырцх, аԥшатлакәқәа секундк ала зыласра 20-22 метра ыҟоу ҟалоит", - аҳәоит адырраҭара.

Аӡиасқәа хыҵыр, амшын аҿы аԥшаргьагьақәа ҟалар ауеит Магри-Весиолое иахьаҵанакуа.