АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Амилициа аусзуҩцәа ачарақәа рҿы ихысуа ауаа ааныркылалоит, рганахьала ашьаусқәа хацдырклоит иҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара реилатәараҿы Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә усбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба.
Иара иҳәеит зыӡбахә имоу ашәарыцага шәақьқәа шракәым, избанзар ԥсуаҵас аҭаца дахьҭаргало ашҭаҿы ари абџьар ала аханатәгьы ихысуан.
"Ақалақь аҿоума, ақыҭаҿ аума ачара ахьымҩаԥысуа ихысуаз ахаҿы уи аҽны акәымзаргьы, даанаҳкылалоит. Уи азы иаҭаху амчқәа ҳамоуп", - иҳәеит иара.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә усбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба ақыҭақәа реиҳабацәа рахь аҳәара ҟаиҵеит ауааԥсыра абри азы адырра рырҭаларц, урҭ азинхьчаратә усзуҩцәа ирзымгәаарц, урҭ рнап иану аус шымҩаԥырго ддырдырырц.
Иара иажәақәа рыла, атапанча, автомат ма даҽа абџьарк ала ахысра аанкылара анаҩсангьы ашьаусҭҵаара хацнарклоит.
Гыцба агәра игоит абџьар пату ақәымҵакәа акра арыцҳарақәа рахь ишкылнаго, уи ишаҟәыҵтәу.