Аԥсны

Аҟәа ақалақь аҿы ахыбра амца акит

Амцакраан аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы цәыббра 19 ауха абылра ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Кольцеваиа амҩаҿы игылаз ахыбра амца акит ҳәа Аԥсны АҶА ахь аҭел иасит асааҭ 20:02 рзы.
Аҭыԥ ахь инеиз амцарцәаҩцәа иаразнак амцарцәара иалагеит, аха ахыбра рзеиқәмырхеит.