Аԥсны

Москватәи акардиологиатә центри аԥсуа ҳақьымцәеи аус еицырулоит

Москватәи акардиологиатә центр аиҳабы Анатоли Боицов Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи реиԥылараан москватәи аҟазауаа Аԥсныҟа раара азҵаара далацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Агәы-шьадатә чымазарақәа змоу Аԥсны ауааԥсыра ацхыраара рыҭара азҵаара далацәажәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Чазов ихьӡ зху акардиологиа Амилаҭтә медицина-ҭҵааратә центр адиректор хада Анатоли Боицов даниԥылоз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Уи адагьы москватәи аҟазауаа аԥснытәи аҳақьымцәа аконсультациақәа рзыҟарҵар алшоит.
Аиԥылараан иара убасгьы иалацәажәан АМҬЦ аусзуҩцәа Аԥсныҟа раара азҵаара. Аҟазауаа Аԥсны рыҟазаараан ирылацәажәоит иуадаҩу аҭагылазаашьа змоу апациентцәа Урыстәыла акардио-центрқәа рахь рнагара алогистикеи ОМС аполис ала урҭ рышьҭаҵареи рызҵаарақәа.
Аԥсны
Едуард Быҭәбеи Анатоли Гулини амашәырцәгьақәа рмедицина иалацәажәеит