АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Таџьикисҭан атәылауаа Аԥсны анаркотикқәа ахьаладырҵәоз азы Аԥсны АшәМ аоператив ҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшраз аусбарҭеи русзуҩцәа иааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АшәМ апресс-маҵзура.
21 шықәса зхыҵуа Нулифар Бозоровеи 44 шықәса зхыҵуа Маидагул Рахимовеи амаӡаҵәахырҭақәа рыла амаҭәашьар метадон аладырҵәон ҳәа агәызҩара ыҟоуп. Ҵәахырҭак азы ироуан 300 мааҭ.
Иаанкылоу аҵәахрақәа ахьымҩаԥыргоз азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иддырбеит. Иааныркылаз ирымырхыз анаркотикқәа рзеиԥш капан 11 грамм ыҟоуп.
Ари аус иатәу аинформациеи аматериалқәеи Аԥсны АшәМ ашьаусҭҵааратә ҟәшахьы инашьҭуп.