Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцҵоуп

Урыстәыла агәи аладатәи ахәҭақәеи рҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс, уи ашьҭахь изныкымкәа иацырҵахьеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп цәыббра 28 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит Росавиациа аофициалтә Telegram-канал.
"Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аштаттә режим ала аус руеит.
Авиаеилахәырақәа ирабжьагоуп Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Ставрополь, Москва рҟны аҳаирбаӷәазақәа ахархәара рыҭалазарц.
Урыстәыла агәи аладатәи ахәҭақәеи рҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс арҭ аҵакырақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны.