Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла алаларазы ареферендумқәа мҩаԥгахоит Донбасс

ДЖәР ахада ареферендум атәылауаа ршәарҭадара еиқәзыршәо "аиқәырхаратә политикатә ӡбароуп" ҳәа иҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Донецкии Луганскии ареспубликақәа рхадарақәеи рпарламентқәеи аҽазыҟаҵара иалагеит ареспубликақәа Урыстәыла иалаларц азы ареферендум амҩаԥгара. Абри атәы иҳәеит ДЖәР ахада Денис Пушилин "Соловьев Live" аинтервиу аҭо.
"Ари Донбасс ауааԥсыра анырра ду рнаҭоит. Раԥхьа иргыланы ашәарҭадароуп зинтерес ҳамоу. Ҳәарада ареферендум шымҩаԥгахалак иҭынчрахоит ҳәа ҳаҟам, аха уи аҵак ду амоуп", — иҳәеит Пушилин.
ДЖәР ахада иара убасгьы иҳәеит ЛЖәРеи дареи рнапхгарақәа еиуыршәалара русура мҩаԥыргалар шакәу. Ареспубликақәа рыҩбагь рзинхьчаратә усбарҭақәа ирабжьигеит ашәарҭадараз азҵаарақәа аус рыдыруылаларц.
ЛЖәР акәзар, ара Апарламент адепутатцәа еицҿакрыла рыбжьы рҭиит ареферендум амҩаԥгараз. Ареспублика ахада Леонид Пасечник абжьыҭара цәыббра 23-27 рыҩнуҵҟа имҩаԥысырц азакәан инапы аҵеиҩит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа Украина аҵакыраҟны аҳаирплан Су-25 карыжьит
Убри аан Урыстәыла иҟоу Луганск ахаҭарнак Родион Мирошник иазгәеиҭеит Ауаажәларратә палата ари азҵаара анышьҭырх ашьҭахь Киев аганахь ала ареспублика алахысрақәа шдырӷәӷәаз.
Ареферендум мҩаԥыргарц шырҭаху азы адырра ҟарҵеит Запорожтәии Херсонтәии аобластқәа. Арҭ аобластқәа рхадарақәа рҭаххарагьы зыдҳәало ашәарҭадара аиҿкаароуп.