Аԥсны

Узбекистан атәылауаа мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа аладырҵәон ҳәа иаанкылоуп Аҟәа

Иаанкыло ирымхуп азеиԥш капан 46 грамм иҟоу пметадон згәылоу 120 еилаҳәара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәатәи аҟәша аусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа Узбекистан иатәу ҩыџьа ахацәеи ԥҳәыски ааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аԥхьа иаанкылан Озодбек Мирзанабиеви Камолиддин Собирови. Урҭ ирыдбалан аҭира иазырхиаз, "метадон" згәылаз аилаҳәарақәа.
Анаҩс азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркылеит дара дрыдҳәалоуп ҳәа агәызҩара ззыҟаз Мавжуда Холбоева. Лара илыдбалан 14 еилаҳәара.
Иааныркылаз амаӡа-ҵәахырҭақәа адырбеит. Холбоева аресторан "Эльбрус" ааигәара х-еилаҳәарак шьҭалҵеит, Собиров – Аботаникатә баҳча иаҩсуа Леон имҩаҿы амаӡа-ҵәахырҭақәа аирбеит, Мирзанабиев – Аҟәатәи ашьха аҵакыраҿы анаркотикқәа шьҭеиҵон.
Иаанкылоу аамҭала иахьынхоз аҭыԥ аҿы ирыԥшааит еихшаз аилаҳәарақәа. Зынӡа ирымхуп азеиԥш капан 46 грамм иҟоу пметадон згәылоу 120 еилаҳәара.
Закәаншьаҭада, еилацәажәарыла анаркотикатә маҭәашьарқәа аҭиразы раахәара, рымазаара азы арҭ атәылауаа рганахь ала ашьаус хацыркуп, дара ырбаандаҩуп.
Аԥсны
Таџьикисҭан атәылауаа Аԥсны анаркотикқәа ахьаладырҵәоз азы иаанкылоуп