Аԥсны

Аԥсны ААР атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ииашоу ахыҵхырҭақәа заҵәык рыгәра ргаларц

Уи аԥхьа асоциалтә ҳақәа рҟны Урыстәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Николаи Панков Аԥснгьы хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылаҳәахоит ҳәа иҳәамҭа-ԥаршеи кьыԥхьын.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит, уаҟа иазгәаҭоуп аоппонентцәа Урыстәыла ирылаҳәоу аҽеизакра иахҟьаны ҳтәыла ауааԥсыра ашәара рылаларц ауснагӡатәқәа нарыгӡалоит ҳәа.
"Ҳтәылауаа рахь аҳәара ҟаҳҵоит хадара злоу ажәабжьқәа реилкааразы ииашоу ахыҵхырҭақәа заҵәык рыгәра ргаларц", - аҳәоит ААР адырраҭара.
Иара убас Урыстәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Николаи Панков Аԥснгьы хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылаҳәахоит ҳәа иҳәамҭа-ԥаршеи ахҳәаа арҭеит.
Адәныҟаполитикатә усбарҭаҟны иазгәарҭеит, аиԥш зеиԥшу ажәабжь-ԥаршеиқәа аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырхәышьра иазырхоуп.