АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥарахсаалагақәа "Мир" Ҭырқәтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы аус шыруц ируеит, "МИР" акәша-мыкәша ацәажәарақәа еиҳа ихырцәажәароуп иҟоу аасҭа ҳәа амаҵзура "Прайм" иазеиҭеиҳәеит аԥарахсаалагақәа Рмилаҭтә система "Мир" адиректор хада Владимир Комлев.
"Аҳәаанырцә аԥарашәаратә система "МИР" акәша-мыкәша ацәажәарақәеи зыӡбахә рҳәо ашәарҭарақәеи акы ирҳауҳауп. Ҭырқәтәыла ҳпартниор-банкқәа ҩба аусеицура ааныркылеит, аха х –банкк аус шыруц ируеит". - ҳәа иҳәеит иара XIX Жәларбжьаратәи абанктә форум "Банки России - XXI век" аҟны.
Иара иазгәеиҭеит "МИР" ахьрыдыркыло егьырҭ атәылақәа рҿы еиҭакра ҳәа акгьы шыҟам.
Ари амчыбжь азы ҭырқәтәылатәи абанкқәа "Ишбанк", "Денизбанк" аҳәамҭа ҟарҵеит урыстәылатәи аԥарахсаалага" МИР" амаҵ аура шааныркыло азы. Аӡбамҭа рыдкылан Америкеи Англиеи Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа ирхырҟьаны.
Ҟазахсҭан абанкгьы аамҭала абанкоматқәа рҿы ахсаалага "МИР" аусура аннакылеит, аха аҳәамҭа ҟанаҵеит аахәарақәеи амаҵурақәа рымҩаԥгараани уаанӡа аус шыруаз еиԥш ари ахсаалага амаҵ шыруазы.
Урыстәылатәи аԥарашәаратә система аус ауеит: Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҭырқәтәыла, Виетнам, Аладатәи Кореиа, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Таџьикистан, Узбекистан.
Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" асистема "Мир" иалархәуп. "Мир" ахьрыдыркыло атәылақәа зегьы рҿа аԥснытәи ахсаалагақәа аус руеит.