Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит

Аҳәынҭқарра ахада хара имгакәа Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә хәҭақәа дырҭааны ргәаҭара игәы иҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан иахьатәи адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы атәыла ашәарҭадара алыршаразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа разырхиара азҵаара.

Атәыла ахада дазыӡырҩит Аштаб хада анапхгаҩы, Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Васили Лунев иажәахә, Аԥсны Арбџьар мчқәа рҭагылазаашьа аибарххараан аҽеизакратә еиҿкаара зеиԥшроу азы адырранҵа.
Аҳәынҭқарра ахада хара имгакәа Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә хәҭақәа дырҭааны ргәаҭара игәы иҭоуп.
Аилатәара аихшьаалақәа инарықәыршәаны атәыла ахада аҳәынҭқарратә усбарҭақәа аамҭакьаҿла инагӡатәу анапынҵақәа риҭеит.