Аԥсны

Аԥсны амшынҭалара анхыркәшахо арыцхә рҳәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны аӡҭаларатә аамҭа хыркәшахоит жьҭаара 1 азы ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аӡбра рыдыркылеит Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә хылаԥшырҭа аекологиаз Аҳәынҭеилакы ианеилацәажәа ашьҭахь.
2022 шықәса жьҭаара 1 инаркны ареспублика аплиажқәа зегьы аркуп ҳәа иԥхьаӡахоит.
Аплиажқәа рҟынтәи иқәыргоит аԥкрадыргақәа, русура аанкылахоит аиқәырхаратә ҭыԥқәа.