Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ихацырку ашьаус азханаҵеит Шәачатәи атранспорттә прокуратура

Аҳазалхратә шәарақәа рҽахгара ашьаус азы иаанкылоуп ҩыџьа Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Шәачатәи атранспорттә прокуратура Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа ҩыџьа рганахь ала ихацырку ашьаус азакәаншьаҭа амоуп ҳәа азханаҵеит.
Дара гәҩарас ирымоуп гәыԥҩык заанаҵтәи реиқәшаҳаҭрала, аҳазалхратә шәарақәа рҽахыргеит ҳәа.

Иҟоу адыррақәа рыла, гәҩарас ирымоу 2022 шықәса хәажәкырамзазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргоз автомашьынақәа "Toyota LandCruiser" рзы 2,9 млн мааҭ ахшәаара рҽахыргеит.

Иазгәаҭоуп, дара аҳазылхратә усбарҭа аусзуҩцәа амашьынақәа риагаразы амц шәҟәқәа шрыдыргалаз.
Иаанкылоу хәышықәса рҟынӡа аҭакра рықәшәоит.
Ашьаусҭҵаара шымҩаԥысуа хылаԥшра арҭоит Шәачатәи атранспорттә прокуратура.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа автомашьынақәа аҳәаа рахысразы аԥҟарақәа ирылацәажәеит