Аԥсны

Аԥсны жьҭаарамзазы зыхә дуум аплиажтә ԥсшьараз иалыркаауа аҭыԥқәа иреиуоуп

Жьҭаарамза алагамҭаз хә-маҷла еиҳа аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа алыркааит аусеилкаацәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны жьҭаарамзазы зыхә дуум аплиажтә ԥсшьараз иалыркаауа аҭыԥқәа иреиуоуп (жәамштәи аԥсшьара, жьҭаара 1-7 рзы) ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.
Аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит Шәача. Арҭ ахырхарҭақәа рҿы ҩыџьа рыԥсы ршьар ҟалоит 46, 56 нызқьмааҭ ҳәа.
Ҭырқәтәыла, ОАЕ, Египет, Шри-Ланка 100 -150 нызқьмааҭ рҟынӡа иаԥсоуп жәамштәи атурқәа. Катар, Бахреин, Сеишелы рахь апутиовкақәа бжьаратәла 150-200 нызқьмааҭ иаԥсоуп.
Атуроператорцәа ирҳәоит ахәқәа ирыцло ишалагаз. Цәыббрамзазтәи ахәқәа ирҿырԥшны жьҭаарамзазтәи ахәԥсақәа абасеиԥш ишьақәгылоуп: Шәача (+4,4%), ОАЕ (+6,7%), Таиланд (+10,4%), Аԥсны (+11,6%), Анталиа (+13,2%).
Аԥсны абжьарахәԥсақәа змоу атәылақәа хԥа ирылоуп. Арахь иаҵанакуеит Калинингради Сҭамбули. Ҩыџьа рзы амҩагь алаҵан 100 000 мааҭ инаӡоит.