Аԥсны

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ажәабжь-ԥаршеи ахҳәаа арҭеит

Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәан Урыстәыла Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Николаи Панков хымԥада Аԥсны хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра мҩаԥгахоит ҳәа иҳәазшәа аԥаршеи-жәабыжь.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22- Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит АИХқәа рҿы ирыларҵәоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Николаи Панков иажәақәа ҵаҵӷәы шрымам, ишымцу азы.
Уи адагьы, аусбарҭа иазгәанаҭеит Аԥсны арратә комиссар Беслан Ҭарба радио Sputnik аҟны ицәажәара аминистрра апозициа шаанамырԥшуа, иара ихатә знеишьа шакәу.
Аԥсны
Аԥсны ААР атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит ииашоу ахыҵхырҭақәа заҵәык рыгәра ргаларц
Аминистрра апресс-маҵзураҿы ирҳәеит аусбарҭа Аԥсни Урыстәылеи уаанӡа рнапы зҵарыҩхьоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа шынанагӡо.