Аԥсны аҭагылазаашьа макьана иҭышәынтәалоуп уҳәаратәы иҟоуп, аха иҟоуп амчқәа, Аԥсныи Қырҭтәылеи еидыслар зҭаху, уи Украина анапхгараҿы иҟоуп иаартынгьы ирҳәоит ҳәа азгәеиҭеит Аслан Кобахьиа.
"Агәра згоит ҳгәаҳҽанӡамкәа акгьы ҳшақәымшәо, аха ус ҟамларцаз уҽазыҟаҵан уҟазароуп. Имҩаԥгатәуп ҳаҩнуҵҟа аҽеидкылара Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчаразы. Ҳара аԥсуаа раԥхьа иргыланы ҳзызхәыцша ҳҳәынҭқарра ахьчароуп. Аурыс иус ҳара ҳада иӡбоит. Ҳара ҳус ҳара иҳаӡбароуп. Урыстәыла Украина иусқәа аӡбараз, аԥсуаа дрықәгәыӷны уахь дымцаӡеит. Аԥсуаа дара рхы иазхәыцуазароуп", - ҳәа иҳәеит Кобахьиа.
Аслан Аҩӡба Қырҭтәыла аполитикцәа иҟарҵо ааԥхьарақәа "аҩбатәи афронт" аартразы ареферендум амҩаԥгара уи политикатә хәмарроуп ҳәа ахиҳәааит.
"Иахьа Донбасс еибашьуа ҳаԥсуа ҷкәынцәа Урыстәыла мацара азы акәӡам изеибашьуа, урҭ Аԥсны, ҳара ҳзы еибашьуеит, избанзар иахьа Урыстәыла иаҿагыло амчқәа НАТО, Қырҭтәыла аҩызцәа роуп. Убра Урыстәыла аҵахар, ҳара ҳазлыху уаҩы изеилымкаауа ҳҟалоит. Ҳара ҳҭагылазаашьа уадаҩуп, ҳҽеиқәҳархар, ҳҽаҳахьчар, аурысгьы ҳицхраауеит", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.