Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаҧшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусураҿы еиҳарак хшыҩзышьҭра аҭоуп ауаа ргәабзиара иаԥырхагоу афатәқәа адәқьанқәа рҿы аҟамзаара, абри атәы иҳәеит аиҿцәажәараҿы Инал Лагәлаа.
"Ауаажәларра рҟынтә иаауеит имаҷымкәа ашшытә бӷьыцқәа, убри аҟнытә агәаҭарақәагьы мҩаԥаҳгоит. Аԥсуа телехәаԥшра ҳусура ҭырхуеит ауаа иҟоу аҭагылазаашьа дҳарбарцаз. Аха ҳтәыла ауааԥсыра рхаҭа иаархәо афатә иаҳа иацклаԥшырц ҳҭахуп", - ҳәа иҳәеит Лагәлаа.
Иара иазгәеиҭеит, агәаҭарақәа шымҩаԥгахо Аԥсны ахыи аҵыхәеи аалыҵ ҭзыжьуа анаплакқәа рҿы.
"Аилагарақәа маҷӡам. Ауаажәларра ахьхәаахәҭуа иҟамлароуп ус - адырга зынӡагьы иамамкәа, аалыҵ ҭзыжьыз, ианҭрыжьыз узымдыруа. Уи ажәлар ирыдгалатәым. Ахараԥса илаҳҩаауеит. Изшәо дыҟоуп, аха иацәцарц зҭахугьы маҷҩым", - иҳәеит Астандартқәеи, ахархәареи, атехникатә хылаҧшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.