Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АКМ ВК Харковтәи аобласт аҿы шәҩык рҟынӡа аибашьцәа ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22- Sputnik. Урыстәыла АКМ Харковтәи аобласт аҿы шәҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәеи аицҭырҟьаратә система HIMARS ашьақәгыла назлоу 20 ак аибашьыгатә техникеи ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Харковтәи аобласт аиланхарҭа Моначиновка аҿы Урыстәыла АКМ УАМ амеханизациа зызуу 93-тәи абригада ааха арҭеит. Шәҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәеи аицҭырҟьаратә система HIMARS ашьақәгыла назлоу 20 ак аибашьыгатә техникеи ҭадырхеит", - ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчаратә усбарҭа.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи ПВО аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа HIMARS, "Ольха" рыхгәыцәқәа 37, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 17 карыжьит.
Уи адагьы, аусбарҭаҿы ирҳәеит Урыстәыла АКМ Запорожие иҭадырхеит 150-ҩык рҟынӡа украинатәи аруааи қьырала еибашьуази ҳәа.