Аԥсны

Адепутатцәа Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгара ирԥылеит

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьеи аҳәынҭқарра ашәарҭадара алыршареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Атәылахьчара аминистрра анапхгара ирԥылеит, абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит атәыла арбџьармчқәа рылшарақәеи амилаҭтә шәарҭадареи рызҵаарақәа.
"Ҳара иахьа иқәгылоу азҵаарақәеи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәар ҳҭахын. Урҭ стратегиатә ҩызас иҳамоу ҳгәыла идгьылҵакыраҟны ишьақәгылоз аҭагылазаашьеи иара убри инамаданы мрагыларатәи ҳгәыла иҟны имҩаԥысуа азҵаарақәеи ирыдҳәалоуп. Арҭ апроцессқәа ҳуаажәларра рыҩнуҵҟа агәҭынчымра рызцәырнагоит", - ҳәа иҳәеит аиԥылара аартуа Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба.
Атәылахьчара аминистрра анапхгара адепутатцәа иреилдыркааит аҳәынҭқарра ахьчареи ашәарҭадареи рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Апарламент адепутатцәа ирҳәеит акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны ацхыраара шыҟарҵо азы.