АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит Нагвалоу арота-тактикатә хысрақәа рыла, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҭәылахьчара аминистрра.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын атанктә рота аҩбатәи хаз игоу амотохысратә батальон, ахысратә цхыраара ҟанаҵон аминаршәгатә батареиа.
Аҽазыҟаҵарақәа аметодикатә ҩаӡараҳаракыла имҩаԥысит, аекипаж азыҟаҵара бзиа аадырԥшит.