Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Донецк Урыстәылатәи ар украинатәи АРК "Бук-М1" ықәрыцҟьааит

Украина арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 азы. Урыстәылатәи аруаа иара аҳәаақәа ирҭагӡаны аибашьыга техника, аӷа инфраструктура, ир ҭадырхоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи азенит-ракетатә комплекс "Бук-М1" ықәрыцҟьааит ДЖәР Никифоровка аиланхарҭаҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

Уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа ааха рырҭеит Николаевтәи аобласт аҿы амотошьаҟауаа 59-тәи рыбригадеи амеханизациа зызуу 63-тәи абригадеи аамҭала ргыларҭақәа, 74 артиллериатә ҟәша, УАМ аруааи реибашьыга техникеи 142-раион рҿы.

Ааха рыҭан Харковтәи аобласт Запорожие ақалақьи Донецки рыҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Урыстәыла анырҵәагатә авиациа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа икарыжьит украинатәи аҳаирпланқәа МиГ-29, Су-25 (ҩба).
Урыстәылатәи ПВО ахархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 19, аицҭырҟьараз америкатәи асистемақәа "HIMARS", "Ольха" рыхгәыцәқәа 42.
Акылкааратә хысрала иҭархан Краматорск ааигәара 81-тәи аеромобилтә бригада аруаа 220-ҩык, Славиански Озерное иахьрыҵаркуаз шәҩык рҟынӡа қьырала еибашьуаз аҳәаанырцәуаа.
Запорожие иахьаҵанакуаз Урыстәыла АКМ атактикатә гәыԥ "Чайка" ахьгылази амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа "Скиф", "Днепр", "Гепард" ахьгылази аахақәа рырҭеит. Иҭахеит 190-ҩык рҟынӡа аруаа, 12 ак аибашьыга техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрра аҽеизакра иаҵанамкуа атәылауаа ркатегориа ҿыцқәа асиа иадарбеит
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 298 ҳаирплан, 155 вертолиот, 2054 аԥырҩы дызҭам аппарат, 376 зенит-ракетатә комплекс, 5077 танк, 844 ареактив-систематә машьынақәа, 3410 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 5794 ак аибашьыга автомобилтә техника.