Урҭ ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәа - АШәМ, ААР, АҶА, иара убас Урыстәыла АШәМ русзуҩцәа.
Асценари инақәыршәаны, "атеррористцәа" амшынбаӷәаза иақәлан рнапаҿы иааргеит, атҟәацәа шасыртәит. Амчратә усзуҩцәа "атеррористцәа" шьны ауаа рхы иақәиҭыртәыр акәын.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын ашхәақәа фба, абронетранспортиор, ацхыррара ласы амашьына, амцарцәагатә машьына. Аоперациа аӡаҿи адгыьл аҿи имҩаԥысуан.