Аԥсны

Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу: Урыстәыла адгылараз Аԥсны аҿар аиҿкаара аԥырҵоит

Аԥсны ААР Амедиацетр аҟны имҩаԥысит атәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынбеи, аиустициа аминистр Анри Барцыци, Аԥсны аҿарацәа ԥхьагылаҩцәеи реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аԥсны аҿарацәа активистцәа аӡбамҭа рыдыркылеит Урыстәылеи уи ахада Владимир Путини адгылара рызҭо ауаажәларратә еиҿкаара "Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу" захьӡу аԥҵара. Абри атәы иҳәеит аиҿкаара "Аԥеиԥш" анапхгаҩы Саид Ҟәланба адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынбеи, аиустициа аминистр Анри Барцыци, аҿартә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рпылараан.
"Урыстәыла иахьа мраҭашәара атәылақәеи, аибарххарақәеи, аиашамрақәеи ишаҿагылоугьы, ҳара ҳаизыҟазаашьақәа есышықәса еиӷьхоит, аҿар ҳазҵаараҿгьы. Убри инамаданы, ҳара иҳаӡбеит Урыстәылатәи Афедерациа, хаҭала Владимир Путин, адгылара рызҭо ауаажәларратә еҿкаара "Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу" захьӡу еиҿаҳкаарц", - иҳәеит иара.
Аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит астол гьежьқәа, аинформациа ҳәаақәызҵо аусқәа. Раԥхьатәи аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит жьҭаара 7 рзы Урыстәыла ахада 70 шықәса ихыҵра инадҳәаланы.
"Иара убас ҳара ҳаиҿкаара агәы иҭоуп Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иԥылара, ҳақәгәыӷуеит адгылара ҳаиҭоит ҳәа", - иҳәеит Ҟәланба.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ари ахшыҩҵак иашоуп ҳәа ахиҳәааит.

"Ари ахшыҩҵак иашоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ицоит арратә операциа, Урыстәыла ахада аусԥҟа инапы аҵеиҩит хәҭа-хәҭала аҽеизакраз. Аҭагылазаашьа акырӡа еибарххоуп, убри аан Аԥсны акыр иацхраауа Урыстәыла ахада ҳаргьы адгылара шиаҳҭо атәы ҳҳәоит", - иҳәеит иара.

Амедиацентр аҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи, аиустициа аминистр Анри Барцыци, Аԥсны аҿарацәа ԥхьагылаҩцәеи еиԥылеит. Аиԥылара хықәкыс иаман Аԥсни Урыстәылеи рҿарацәа ԥхьагылаҩцәа хра злоу еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа аус рыдулара, иахьатәи аамҭазы атәылаҿ ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи ааԥхьарақәеи ашәарҭареи рылацәажәара.