Аԥсны

Аԥсны ахада атеррористҿагыларатә зыҟаҵарақәа дырҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла АШәМи русзуҩцәа реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Аҟәа амшынбаӷәазаҿы цәыббра 24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аԥсны Ахада, Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшынтә баӷәаза даҭааит атеррористҿагыларатә зыҟаҵарақәа ПОРТ-2022 шымҩаԥысуаз агәаҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Азыҟаҵарақәа ирылахәын Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзурақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, УА Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада аихшьалатә цәаҳәаҿы ирыдиныҳәалеит қәҿиарала имҩаԥысыз азыҟаҵарақәа.
"Ишәыдысныҳәалоит қәҿиарала еицымҩаԥыжәгаз антитеррористтә зыҟаҵарақәа", - иҳәеит Бжьаниа, уи алахәцәа ихы рықәкны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәеи Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи рзеиԥштә ҽазыҟаҵарақәа азырхоуп атерроризми аполитикатә екстремизми рҿагылара.

Аманиоврқәа рҿы ахархәара рызун акәылӡтәы техника, аснаиперцәа, аӡхәыҵалаҩцәа, ацхырааратә машьына ласы, амцарцәаратә машьынақәа. Азыҟаҵарақәа раан имчыдатәын амшынтә баӷәаза аҵакыраҿы атҟәацәа аанкыланы изкыз адиверсиатә гәыԥқәа ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Ас еиԥш азыҟаҵарақәа мҩаԥысраны иҟоуп аҳауеимадара аҭыԥ аҟынгьы.