Аԥсны

Атеррористцәа "рԥыххаара": Аҟәа арратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз

"Атеррористцәа" рықәхреи "атҟәацәа" реиқәырхареи ирызкыз аҽазыҟаҵарақәа қәҿиарала имҩаԥысит, урҭ амшцәгьагьы рԥырхагамхеит, аоперациа цон аӡаҿи адгьыл аҿи.
Sputnik
Аҟәа амшынбаӷәаза аҵакыраҿы имҩаԥысит аԥсуа-аурыс террористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа. Асценари инақәыршәаны "атеррористцәа" амшынбаӷәаза иақәлан рнапаҿы иааргеит, атҟәацәа шасыртәит. Аԥсны АШәМ, ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ русзуҩцәа атеррористцәа шьны ауаа рхы иақәиҭыртәыр акәын.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын ашхәақәа фба, акәылӡытранспортиор, ацхыррара ласы амашьына, амцарцәагатә машьына. Аоперациа аӡаҿи адгьыл аҿи имҩаԥысуан. Адҵа анагӡаразы аруаа минуҭқәак рҭаххеит, атҟәацәа рхы иақәиҭыртәит.
Адҵа қәҿиарала ианынарыгӡа ашьҭахь, дара атәыла анапхгара рҿаԥхьа ацәаҳәа иқәгылеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Роберт Киути Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнаки ицны дара рахь днеит, иҭабуп ҳәа реиҳәеит инарыгӡаз русуразы, рыпрофессионалтә зыҟаҵаразы ирҽхәеит.