Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәакәасқьырԥҳаи Кәыҵниаԥҳаи ахәыҷқәа аԥсшәа рызнагашьа иазкны

Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьырԥҳаи хҩык ахшара ран, абызшәа агәылагаларатә центр "Аӡыхь" напхгара азызуа Кама Кәыҵниаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит ашколхәыҷқәа аԥсуа бызшәа рызнагашьа аформақәа рзы.
Sputnik
Апедагогикатә институт аҿы имҩаԥысит арҵаҩцәа рыла еиҿкаау аексперттә гәыԥқәеи арҵагақәа реиқәыршәаҩцәеи русуратә еиԥылара. Аусура мҩаԥысуан ҩ-хырхарҭак рыла: "Алитературатә ԥхьара, 2 акласс" арҵагеи аԥсуа литературазы 5-6 аклассқәа рзы арҵагақәеи реиҭахәаԥшра, агәаанагарақәа реизакра.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.