Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Владимир Путин астудентцәа арратә ҽеизакрахь рнеира аҿҳәара ахзырԥо аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Ари аусԥҟа рзырхоуп раԥхьаӡа акәны аҵара иҭалаз астудентцәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакрахь астудентцәа рнаԥхьара аҿҳәара ахзырԥо аусԥҟа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Адокумент инақәыршәаны аҿҳәара анахара иаҵанакуеит ауниверситетқәа рҿы латәаратәи латәара-бламбаратәи аҵара формақәа ирҭоуи абжьара-занааҭтә ҵараиурҭақәа ирҭоуи.
Урыстәыла ахада цәыббра 21 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи арратә ҽеизакразы. Путин иазгәеиҭеит аррамаҵзурахь ишнаԥхьахо атәылауаа, иахьатәи аамҭаз ԥхьатәара иҟоу, уаанӡа Арратә мчрақәа рҿы аррамаҵзура иахысхьоу, арратә занааҭ змоу, аԥышәа змоу.
Ахәҭакахьалатәи арратә ҽеизакра 300 нызқьҩык рҟынӡа арезервистцәа еиднакылоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Владимир Путин инапы рыҵаиҩит Ашьаустә закәанеидкылахь аррамаҵура иадҳәалоу аиҭакрақәа