Аԥсны

Абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рхарҭәаараз арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент 10 шықәса ҳәа ҿҳәарас измоу аҳәаанырцәтә биометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аанкылан атехникатә усурақәа рымҩаԥгаразы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент 10 шықәса ҳәа ҿҳәарас измоу аҳәаанырцәтә биометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рхарҭәаараз арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.
Атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара 2022 шықәса нанҳәа 26 азы иаанкылан атехникатә уадаҩрақәа – аелектронтә мҩаԥгага аиҭакра азы.