Арадио

Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәра амши Аиааира амши ирызку аусмҩаԥгатәқәа ртәы

Аҟәа ақалақь ахадара акультуратә усбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҿы Аҟәа ахақәиҭтәра амши Аиааира амши рзы еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Sputnik
Афилармониаҿы имҩаԥгахо аусмҩаԥгатә иалахәхоит аԥсуа театр актиорцәа, аестрадатә шәаҳәаҩцәа ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.
"Акультуратә усбарҭа аусзуҩцәа рыла иҩын асценари. "Аибашьра ашьҭамҩала" ҳәа иахьӡуҵар ҟалоит, избанзар ҳазааҭгылоит Аҟәа ахақәиҭтәраз иҟаз ажәыларақәа аибашьра ианалага нахыс. Иԥшӡахоит ҳәа сгәы иаангоит, избанзар адекорациақәа ҿыцуп, Гәымсҭатәи ацҳа аиԥш зеиԥшу амакет асценаҿы иргылахоит. Урҭ ирыбзоураны ахәаԥшҩы еиҳагьы атема иныруеит. Хшыҩзышьҭра аҭоуп алашара. Иҳақәҿиеит ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Афилармониаҿы аусмҩаԥгатә иалагоит асааҭ 12 рзы.
Ҳашыгԥҳа иара убас еиҭалҳәеит амшын аԥшаҳәаҿы аҿар рзы еиҿкаахо аспорттә хәмаррақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.