Ижевск ашкол аҿы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны 13-ҩык рҟынӡа ҭахеит

Ашьыжь идырым ауаҩы Ижевск ашкол №88 аҟны ахысра далагеит, анаҩс ихаҭа иҽишьит. Уаанӡа жәҩык ахәрақәа роуит ҳәа идырын.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Ижевск ашкол аҿы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны 13-ҩык рҟынӡа иҭахеит, зықәра намӡацыз быжьҩык ахәыҷқәеи фҩык адуцәеи. Ахәрақәа роуит 14-ҩык ахәыҷқәеи быжьҩык адуцәеи. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы.
Ашьыжь, идырым аӡәы Ижевск ашкол №88 аҟны ахысра далагеит, анаҩс ихаҭа иҽишьит. Анацисттә символика знубаауаз ашәҵатәы ишәын. Адокумент ҳәа акгьы идбаламызт.
Аинформациатә политиказ Аҳәынҭдума аилак ахада Александр Хинштеин иажәаәқа рыла, аахаҭагатә тапанчақәа ҩба иман, аибашьыга хеиқәыршәагақәа рҭаны. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Ашьаусҭҵааратә еилакы аппарат хада.