Ижевсктәи ашкол аҿы ахысрақәа раан иҭахаз 15-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Ижевск ашкол аҿы ихысуаз ихаҭара шьақәыргылоуп. Уи ари ашкол аҿы аҵара зҵоз Артом Казанцев, 1988 шықәсазы ииз иоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Ижевсктәи ашкол аҿы ахысрақәа раан иҭахаз 15-ҩык рҟынӡа ҟалеит. Урҭ рҟынтәи 11-ҩык хәыҷқәоуп. 24-ҩык, урҭ рҟынтә 22 хәыҷы ахәрақәа роуит ҳәа аҩуеит РИА Новости, УА АЕ апресс-маҵзура адыррақәа рыла.

"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ишьақәыргылоуп 39-ҩык ааха шроуз, урҭ рҟынтәи 15-ҩык ҭахеит (11-ҩык ахәыҷқәеи 4-ҩык адуцәеи). 24-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ рҟынтә 22-а хәыҷқәоуп", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Ашьыжь, Ижевск ашкол №88 аҟны ахысра далагеит уаанӡа ара аҵара зҵоз аҵаҩы, анаҩс ихаҭа иҽишьит.
Ижевск ашкол аҿы ихысуаз ихаҭара шьақәыргылоуп