Росавиациа Урыстәыла аҳаирбаӷәазақәа акырџьара аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп

Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа алагалоуп жәабранмза 24 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәазаҟны аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп жьҭаара 2 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.

Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов, Симферополь, Елиста.

Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируеит.
Авиаеилахәырақәа ирабжьгоуп Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Ставрополь, Москва рҟны аҳаирбаӷәазақәа ахархәара рыҭалазарц.