Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ахакерцәа иаадырԥшит 1500-ҩык украинатәи аԥшыхәҩцәа рдыррақәа

Асиаҿы иарбоуп ҩажәа тәыла инреиҳаны ацҳаражәҳәарҭақәа рыҟны аус зуа аԥшыхәра ахаҭарнакцәа рзы адыррақәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Урыстәылатәи ахакертә гәыԥ RaHDIt ("Злые русские хакеры") 1500-ҩык украинатәи аԥшыхәҩцәа рдыррақәа дыргамеит. Адыррақәа кьыԥхьуп асаит "Немезида" аҿы.
Аинформациа актуалра шаҵоу шьақәнарӷәӷәеит РИА Новости азинхьчаратә усбарҭақәа рхыҵхырҭа аҟынтә.
Икьыԥхьу адыррақәа рҿы иарбоуп Украина адгылара азҭо атәылақәа: ЕАА, Франциа, Италиа, Германиа, Польша, иара убасгьы Азербаиџьан, Аргентина, Венгриа, Бырзентәыла, Ирак, Африка аладатәи ареспубликаР, Таџьикистан.
Иара убасгьы иӡыргоуп ЕАР, Евроеидгыла, НАТО уҳәа рхаҭарнакрақәа рҿы, ирмаӡоу аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аус зуа Украина АԤМ аусзуҩцәа рсиақәа.