Аԥсны

Аҳәаанырцә аԥсшьара алызхыз урыстәылаа рҟынтә 14% Аԥсны рыԥсы ршьеит

Сынтәатәи аԥхынразы аҳәаанырцә рыԥсы ршьеит 2% урыстәылаа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҳәаанырцә аԥсшьара алызхыз урыстәылаа рҟынтә 14% Аԥсны рыԥсы ршьеит ҳәа аанацҳауеит ВЦИОМ азҵаараҭҵаарақәа рышьҭахь.

Урыстәылаа еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа рыбжьара Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Актәи аҭыԥ -Ҭырқәтәыла - 34%, анаҩс Ҟазахстан - 11%, Таиланд – 7%, Египет – 5%, ЕАЕ – 4%, Ермантәыла – 4%, Испаниа – 3%, Белоруссиа – 3%, Узбекисҭан – 2%. Аҭак аҟаҵара рцәыуадаҩхеит 2% ареспондентцәа. 32% егьырҭ атәылақәа ирҭааит.

Урыстәыла аԥсшьара алызхыз рҟынтә Москва (11%), Санкт-Петербург (11%) алырхит. Казани Нижни Новгороди ирҭааит 6%, Алтаи – 5%, Волгоград – 4%, Красноиарск, Владивосток, Екатеринбург, Челиабинск, Махачкала, Калининград, Пиатигорск, Иркутск – З-3%, Новосибирск, Буриатиа, Велики Новгород, Твер – 2%, иара убри аҟара рҭааит: Самара, Воронеж, Выборг, Улан-Уде, Перм. 3% ареспондентцәа аҭак рзыҟамҵеит, 75% егьырҭ ақалақьқәа рыӡбахә рҳәеит.
Аԥсны
Аԥсны жьҭаарамзазы зыхә дуум аплиажтә ԥсшьараз иалыркаауа аҭыԥқәа иреиуоуп
Ҭелла аҭҵаарақәа Урыстәылазегьтәи амаҵзура "ВЦИОМ-Спутник" мҩаԥнагеит цәыббра 3-4, 2022 шықәсазы, иалахәын 1600-ҩык урыстәылаа 18 шықәса иреиҳаз.
Аҭҵаара аметод – ҭелла аинтервиу амҩаԥгара, Урыстәыла аҭелтә ҳақәа рхыԥхьаӡарақәа рсиаҟынтәи иалхны.
Адыррақәа асоциал-демографиатә ахышәарала ишьақәыргылоуп. Аивыгара 95% рҟынтәи 2,5% еиҳам.