Аԥсны

Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш: Аҟәа Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Цәыббра 27, 1993 шықәсазы аԥсуа ар Аҟәа ақалақь агәы рнапахьы иааганы асааҭ 15:30 азы Аԥсны абираҟ "Аминистрцәа реилазаара" ахыбра иахадыргылеит. Аҟәа ахы иақәиҭтәын.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27– Sputnik. Аҟәа ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхеижьҭеит 29-шықәса аҵра амш азы Аҟәа Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәыла аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара хацыркын цәыббра 16, 1993 шықәсазы. Цәыббра 27, 1993 шықәсазы аԥсуа ар Аҟәа ақалақь агәы рнапахьы иааганы асааҭ 15:30 азы Аԥсны абираҟ "Аминистрцәа реилазаара" ахыбра иахадыргылеит.
Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Аоперациа амҩаԥгараан 12 нызқь иҟаз, акәылӡтехника, артиллериа, авиациа рыла еиқәыршәаз аӷа аҩбатәи ирратә корпус ықәыцҟьаан.