Аԥсны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит

Аҟәа ахақәиҭтәраз аоперациа 11 мшы имҩаԥысуан. Аҟәа аԥсуа ар рнапахьы иааргеит 1993 шықәса цәыббра 27 азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

"Ари арыцхә зегьы ҳагәқәа рҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Аҟәа ахы иақәиҭызтәыз ҳҵеицәа рфырхаҵара хашҭшьа амаӡам! Урҭ ргәымшәареи, иаадырҧшыз ахамеигӡареи ирыбзоураны иахьа Аԥсны ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиара амҩа иануп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Ахада аныҳәамш аҽны ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, анасыҧ, аҳҭнықалақь акәзар - аизҳазыӷьара.