Аԥсны

Ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада рхиахоит

Аԥсны иааны иҟоуп ҳтәыла газла аиқәыршәара асхема хада аус адызулоз урыстәылатәи анардадаратә еиҿкаара аҟазауаа рделегациа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада ԥхынҷкәынмзазы ирхиахоит рҳәеит Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы аиҿкаара ахаҭарнакцәа.
Аԥснытәи агани дареи Аекономика аминистрраҿы еиԥылеит. Аԥсныҟа иааны иҟоу анардадаратә еиҿкаара аҟазауаа рделегациа аекономика аминистр Кристина Озган илеилдыркааит имҩаԥыргахьоу аусурақәа рлыҵшәа ртәы.