Путин Сноуден урыстәылатәи атәылауаҩра ииҭеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин америкатәи амаҵзура ҷыдақәа уаанӡатәи русзуҩ Едвард Сноуден урыстәылатәи атәылауаҩра ииҭеит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.
"Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа ахәҭаҷ 89 апункт "а" инақәыршәаны ақәҵара ҟасҵоит: Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра иҭазааит: Сноуден Едвард Џьозеф, рашәара 21, 1983 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ииз", - ҳәа аҳәоит Аусԥҟаҿы.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Сноуден Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра шиҭоу иара иҭаххарала.