Аԥсны

Цәыббразтәи ахақәиҭра: Аҟәазы аибашьра

Цәыббра 27 ҳреспубликаҿы иазгәарҭоит акыр зҵазкуа арыцхә - ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи аҳҭны қалақь Аҟәа ахақәиҭтәра.
Sputnik
Иахьатәи амш, 29 шықәса уажә аԥхьа, аԥсуа еибашьцәа ирылшеит аҳҭнықалақь агара. Ашьыбжьыжьҭахь асааҭ 15:30 минуҭи рзы Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыр-шәырит Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ. Аҟәа ахы иақәиҭтәын.
Цәыббра 16 рзы излагаз ажәыларақәа мҩаԥысуан Ачадара-Лечкоптә, Аҩадатәи, Алашарбагатәи ахырхарҭақәа рыла.
11 мшы ицоз аибашьра иалҵшәаны аԥсуа еибашьцәа аӷа дԥыххаса дықәҵаны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәит.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит, аҳҭнықалақь агара аламҭалазтәии уи амш аҽни иҭыхыз афотосахьақәа.
1 / 22

Есышықәса Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы.

2 / 22

Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара хацыркын цәыббра 16, 1993 шықәсазы.

3 / 22

Аԥсуа ар ржәылара. Аҟәа амҩадуқәа рыҟны аибашьра цон.

4 / 22

Аԥсны ахьчараз абџьар шьҭырхиҭ аҭыԥҳацәагьы.

5 / 22

Аҟәа агаразы, иааиԥмырҟьаӡакәа 11-мш аибашьра цон.

6 / 22

Аԥсуа еибашьцәа аӷа дԥыхха ԥхьаҟа ицон.

7 / 22

Ажәыларақәа мҩаԥысуан Ачадара-Лечкоптәи, Аҩадатәи, Алашарбагатәи ахырхарҭақәа рыла.

8 / 22

Ақалақь мҩацыԥхьаӡа аибашьра ӷәӷәа цон.

9 / 22

Аҟәа агаразы ажәылараан аԥсуа еибашьцәа ақалақь ауааԥсыра рыхьчон.

10 / 22

Зықәра ыҟази ахәыҷқәеи акыраамҭа Аҟәа иалаханы иҟан.

11 / 22

Аҟәа ахақәиҭтәраан Гәдоуҭатәи аибашьҩы Владимир Каленџьи аҷкәын хәыҷы деиқәирхоит.

12 / 22

Аибашьра аҵыхәтәа ааигәахон.

13 / 22

Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, ауааԥсыра ирдыруан лассы аиааира шыҟалоз.

14 / 22

Аԥсуа танкқәа ақалақь иалалеит.

15 / 22

Қырҭтәыла ахада Едуард Шеварднадӡе Аҟәа Аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа. Цәыббра 23, 1993 шықәсазы.

16 / 22

Цәыббра 27, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа Аҟәа агәанынӡа иааӡеит.

17 / 22

Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа адҵаҟаҵаҩ, аинрал Сергеи Дбари абаталион адҵаҟаҵҩ Салыбеи (Ака) Арӡынбеи. Цәыббра 27, 1993 ш.

18 / 22

Цәыббра 27 асааҭ 15:30 рзы Аԥсны аиҳабыра рыҩны ахыбра иахаргылан Аԥсуа Ҳәынҭқарра абираҟ.

19 / 22

Аҟәа ҳаибашьцәа рнапахьы ианааргаз амш-зегь ргәырӷьара ҳәаак амамызт.

20 / 22

Аԥсуа еибашьцәа Аиҳабыра рыҩны аҟны итәаз аӷацәа зегьы ршьаҟьеит.

21 / 22

Аҵыхәтәантәи ажәылара иалахәын хатәгәаԥхарала еибашьуаз Нхыҵ Кавказнтәи ҳашьцәа.

22 / 22

Бџьарла еибыҭаз Қырҭтәыла арбџьармчқәа Аԥсны аҳҭнықалақь иалҵит цәыббра 27, 1993 шықәсазы.