https://sputnik-abkhazia.info/20220927/tsybbrazti-akhaira-aazy-aibashra-1041745678.html
Цәыббразтәи ахақәиҭра: Аҟәазы аибашьра
Цәыббразтәи ахақәиҭра: Аҟәазы аибашьра
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 27 ҳреспубликаҿы иазгәарҭоит акыр зҵазкуа арыцхә - ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи аҳҭны қалақь Аҟәа ахақәиҭтәра. 27.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-27T20:00+0300
2022-09-27T20:00+0300
2022-09-28T08:56+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101956/47/1019564704_0:56:1511:906_1920x0_80_0_0_97dc2d1128a06721af97697fd433cf62.jpg
Иахьатәи амш, 29 шықәса уажә аԥхьа, аԥсуа еибашьцәа ирылшеит аҳҭнықалақь агара. Ашьыбжьыжьҭахь асааҭ 15:30 минуҭи рзы Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыр-шәырит Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ. Аҟәа ахы иақәиҭтәын.Цәыббра 16 рзы излагаз ажәыларақәа мҩаԥысуан Ачадара-Лечкоптә, Аҩадатәи, Алашарбагатәи ахырхарҭақәа рыла.11 мшы ицоз аибашьра иалҵшәаны аԥсуа еибашьцәа аӷа дԥыххаса дықәҵаны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәит.Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит, аҳҭнықалақь агара аламҭалазтәии уи амш аҽни иҭыхыз афотосахьақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101956/47/1019564704_114:0:1397:962_1920x0_80_0_0_cdb6b6bfbf9a0487bb27a8fd5e6ca42a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Цәыббразтәи ахақәиҭра: Аҟәазы аибашьра
20:00 27.09.2022 (ирҿыцуп: 08:56 28.09.2022) Цәыббра 27 ҳреспубликаҿы иазгәарҭоит акыр зҵазкуа арыцхә - ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи аҳҭны қалақь Аҟәа ахақәиҭтәра.
Иахьатәи амш, 29 шықәса уажә аԥхьа, аԥсуа еибашьцәа ирылшеит аҳҭнықалақь агара. Ашьыбжьыжьҭахь асааҭ 15:30 минуҭи рзы Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыр-шәырит Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ. Аҟәа ахы иақәиҭтәын.
Цәыббра 16 рзы излагаз ажәыларақәа мҩаԥысуан Ачадара-Лечкоптә, Аҩадатәи, Алашарбагатәи ахырхарҭақәа рыла.
11 мшы ицоз аибашьра иалҵшәаны аԥсуа еибашьцәа аӷа дԥыххаса дықәҵаны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәит.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит, аҳҭнықалақь агара аламҭалазтәии уи амш аҽни иҭыхыз афотосахьақәа.

Есышықәса Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы.

Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара хацыркын цәыббра 16, 1993 шықәсазы.

Аԥсуа ар ржәылара. Аҟәа амҩадуқәа рыҟны аибашьра цон.

Аԥсны ахьчараз абџьар шьҭырхиҭ аҭыԥҳацәагьы.

Аҟәа агаразы, иааиԥмырҟьаӡакәа 11-мш аибашьра цон.

Аԥсуа еибашьцәа аӷа дԥыхха ԥхьаҟа ицон.

Ажәыларақәа мҩаԥысуан Ачадара-Лечкоптәи, Аҩадатәи, Алашарбагатәи ахырхарҭақәа рыла.

Ақалақь мҩацыԥхьаӡа аибашьра ӷәӷәа цон.

Аҟәа агаразы ажәылараан аԥсуа еибашьцәа ақалақь ауааԥсыра рыхьчон.

Зықәра ыҟази ахәыҷқәеи акыраамҭа Аҟәа иалаханы иҟан.

Аҟәа ахақәиҭтәраан Гәдоуҭатәи аибашьҩы Владимир Каленџьи аҷкәын хәыҷы деиқәирхоит.

Аибашьра аҵыхәтәа ааигәахон.

Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, ауааԥсыра ирдыруан лассы аиааира шыҟалоз.

Аԥсуа танкқәа ақалақь иалалеит.

Қырҭтәыла ахада Едуард Шеварднадӡе Аҟәа Аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа. Цәыббра 23, 1993 шықәсазы.

Цәыббра 27, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа Аҟәа агәанынӡа иааӡеит.

Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа адҵаҟаҵаҩ, аинрал Сергеи Дбари абаталион адҵаҟаҵҩ Салыбеи (Ака) Арӡынбеи. Цәыббра 27, 1993 ш.

Цәыббра 27 асааҭ 15:30 рзы Аԥсны аиҳабыра рыҩны ахыбра иахаргылан Аԥсуа Ҳәынҭқарра абираҟ.

Аҟәа ҳаибашьцәа рнапахьы ианааргаз амш-зегь ргәырӷьара ҳәаак амамызт.

Аԥсуа еибашьцәа Аиҳабыра рыҩны аҟны итәаз аӷацәа зегьы ршьаҟьеит.

Аҵыхәтәантәи ажәылара иалахәын хатәгәаԥхарала еибашьуаз Нхыҵ Кавказнтәи ҳашьцәа.

Бџьарла еибыҭаз Қырҭтәыла арбџьармчқәа Аԥсны аҳҭнықалақь иалҵит цәыббра 27, 1993 шықәсазы.