Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АКМ шәҩык рҟынӡа аполк "Гепард" аибашьцәа ҭадырхеит Запорожие

Арратә операциа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны Украина имҩаԥыргоит арратә инфраструктура, аибашьыга техника, аӷа ируаа рнырҵәара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Урыстәыла аҳаир-космостә Мчрақәа шәҩык рҟынӡа ахықәк ҷыдақәа змоу 9-тәи аполк "Гепард" аибашьцәеи 50-ҩык инареиҳаны қьырала еибашьуази ндырҵәеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Николаев икылкаан ихысуа абџьар ала ааха арҭеит УАМ амотошьаҟтә 59-тәи абригада аамҭалатәи агыларҭа. Иҭархоуп 50-ҩык рҟынӡа аруаа, 5 ак аибашьыга техника.
150-ҩык украинатәи аруаа ҭархан ДЖәР аҿы УАМ 81-тәи аеромобилтә бригада аамҭалатәи агыларҭа аехсраан.
Уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа ааха арҭеит УАМ анапхгараҭаратә пунктқәа фба, 62 артиллериатә ҟәша, ар, аибашьыга техника, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа "Байрактар" рнапхгараҭаратә станциа.
Аусбарҭа адыррала икажьуп ҩ-ҳаирпланк МиГ-29 Херсонтәи аобласт аҿы. Херсони Херсонтәии Харковтәии аобластқәа рҿы ПВО икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьба, атактикатә ракета "Точка-У", РСЗО HIMARS - 17 хгәыцә.