Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра атәылауаа рныҟәара ԥнакуам

Владимир Путин цәыббра 21 рзы хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра амҩаԥгаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакраан атәылауаа рныҟәарақәа рзы аԥкрақәа азгәаҭам ҳәа рҳәеит Урыстәыла атәылахьчарр аминистрраҿы.

"Хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакраан атәылауаа рныҟәарақәа рзы ԥкра азгәаҭам", - рҳәеит атәылахьчарра аусбарҭаҿы.

Уаанӡа, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәеит арратә ҽеизакра инадҳәаланы урыстәылатәи амчрақәа аҳәаақәа раркразы акгьы шазгәарымҭаз. Иара иажәақәа рыла, уажәы иаладырҵәоит афеикқәа рацәаны аӷа иганахь алеиԥш аҩнуҵҟатәиқәа рҟынтәгьы.
Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа рыла, арратә ҽеизакра иаҵанакуеит 300 нызқьҩык арезервистцәа. Ари процентк ауп иҟоу азеиԥш арратә ҽеизакратә лшараҟынтә.