VK ацҵақәак App Store аҟынтә иқәыргеит

Ателефон иҭагалаз ацҵақәак аус руеит, аха иҿыцны рҭагалара залшом.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аилахәыра VK ацҵақәак App Store аҟынтә иқәгоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аилахәыра ахаҭарнак иажәақәа шьаҭас иааганы.
Ара иаҵанакуеит иара асоциалтә ҳа VK адагьы, иадҳәалоу VK Play, "VK Музыки", "VK Клипов", "VK Мессенджера" , "VK Админ". Уи адагьы App Store аҟны иузыԥшаауам "Почта Mail․ru", "Облако Mail.ru".
Ацифратә, аимадаратә, амассатә коммуникациақәа рыҿиара аминистрра аилахәырахь азыҳәа нанашьҭит ацҵақәа рықәгаразы.
"Аминистрра Apple Inc ахь азыҳәа нанашьҭит VKи аккаунтқәеи рҟны ацҵа ақәгара зыхҟьаз аилкааразы, убри аан азхьаԥшра анаҭеит аилахәыра асервисқәа рхархәара асоциалтә ҵакы шдуу. Аофициалтә ҭак аиура ашьҭахь наҟ-наҟтәи ауснагӡа аус адулахоит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Украина арратә операциа ианалага ашьҭахь мраҭашәаратәи еилахәырақәак Урыстәылеи урыстәылатәи ахархәаҩцәеи рганахь ала асанкциақәа аларгалеит. Убас, уаанӡа App Store иалган Аҵәахбанки Альфа-банки рмобилтә цҵақәа.