Аԥсны

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа лашарада иаанхоит

Алашара арцәара арҽеиратә усурақәа ирыдҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа рыхәҭақәак лашарада иаанхоит цәыббра 28 азы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Асааҭ 11:00 - 14:00 рзы арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны иаанкылахоит астанциа маҷ "Тҟәарчал ГРЕС".
Иара убас, асааҭ 11:00 - 13:00 рзы ацәаҳәақәа рыԥсахра инамаданы ирцәахоит АҲ "Мықә".