Аԥсны

Донбасс ирхәыз аԥснытәи аибашьцәа аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭоит

Аиҳабыра рықәҵара анагӡашьа ахылаԥшра аҭара Афинансқәа рминистрра иадҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара адҵа рыдыркылеит Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ахәрақәа зауз Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи азныктә цхыраара ҳәа 500-500 нызқьмааҭ шрыҭахо азы.
Аԥсны Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2022 ықәсазы изныктәиу ашәара ҟаҵазарц ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Ашәарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра ала.
Иара убасгьы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аусԥҟа аднакылеит Донбасс иҭахаз, хатәгәаԥхарала еибашьуаз Артур Киркинаӡе иҭаацәа миллион мааҭ аԥара рызшәарази ихшара дасу есымзатәи ашәарақәа рзыҟаҵарази.