Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аибашьра атәы еиҭазҳәоз ажурналист Олег Шьедров

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҵаратә программақәа рнапхгаҩы Олег Шьедров 63-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Еицырдыруаз ажурналист Шьедров иԥышәа рымеидон урыстәылатәи ажурналистцәа реиԥш анҭыҵтәиқәагьы. Аԥсны изныкымкәа даҭаахьан, имҩаԥигахьан асеминарқәа аҭыԥантәи АИХқәа рзы, Sputnik Аԥсны аусзуҩцәеи апресс-маӡаныҟәгаҩцәеи рзы.
Журналистк иҳасаб ала Олег Шьедров 1992-1993 шықәсқәа раан Аԥсны ицоз аибашьра атәы ауаа идирдыруан.
"Нанҳәа 25 рҟынӡа Аԥсны сыҟан. Исгәалашәоит ижәылоз рымч, "Мхедриони" абригадақәа. Акызаҵәык дара шәарыцара ицозшәа акәын еиҿкаарак рымамкәа ишаауаз", - ҳәа иҳәеит ажурналист арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.
Олег Шьедров аус иуан СССР Аҳәынҭтелерадио, Интерфакс, ИТАР-ТАСС, Реитер рҿы. РИА Новости аҿы иара еиҿикааит Акорпоративтә ҵаратә центр. Аҵыхәтәантәи имш аҟынӡагьы уа аус иуан аҿар еиҵааӡо.