ЛЖәРи Херсонтәи аобласти рхадацәа Путин иахь аҳәара ҟарҵеит Урыстәыла аилазаара алаларазы

Имҩаԥысыз ареферендумқәа рылҵшәақәа рыла арҭ аҵакырақәа руааԥсыра реиҳараҩык афедерациа алалара рыгәҭакуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28- Sputnik. ЛЖәР ахада Леонид Пасечники Херсонтәи аобласт ахада Владимир Сальдои Владимир Путин иахь аҳәара ҟарҵеит арегионқәа Урыстәыла иалаларазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Пасечники Сальдои иазгәарҭеит ари аҩыза аҭахра шрымоу ареферендумқәа ирылахәыз реиҳараҩык.
Урыстәыла адларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан Донбасс, Херсонтәи аобласт, зых иақәиҭтәу Запорожиетәи аобласт рҿы цәыббра 23-27 рзы. ДЖәР аҿы абри азы рыбжьы арҭеит 99,23%, ЛЖәР – 98,42%, Херсонтәи аобласт - 87,05%, Запорожие - 93,11%.