Аԥсыӡ аус адулара анаҩсгьы, зыхә ҳараку аԥсыӡхкқәа рааӡаразы Аԥсны иҟоу алшарақәа рдыруеит Урыстәыла афорума иабзоураны ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа арадиоефир аҿы.
"Аинтерес змаз ҳаимадарақәа рымоуп. Аара зҭаху, иахәыԥшыр зҭаху ыҟоуп. Иара уи инаҷыданы, Урыстәыла иааҳрыхуа аԥсыӡ аалыҵқәа аинтерес рацәаны иамоуп, аԥсыӡ шылеи, азеҭи", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аԥсыӡ аус адулара аганахьала ҳауаажәлар аус руазар, аԥсыӡ ааӡара аганахьала иҟоуп унапы злаукша, абри ахырхарҭала аинвестор иадыԥхьаларазы алшарақәа ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аминистр.
"Аԥсны иаатуа аԥсыӡааӡарҭақәа раалыҵ ишыԥсыӡу акәымкәа, ирхьшәашәаны аконсерв иҭаҵаны иҟауҵарцаз ҳзацәажәаша аимадарақәа ҳарҳаит афорум аҿы. Гал ааԥсыӡааӡарҭа ҳадҵаалахьеит уи аус азы. Дара раалыҵ Урыстәылаҟа иргартә еиԥш амаругақәа рҭахуп. Ирԥшшаны, ма аус адуланы ҳәа ҳзацәажәаша аимадарақәа ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.